Аицлабра "Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит" аҟны аиааира згаз аныҟәаратә хырхарҭа "Аҟәа" автор Арифа Қапԥҳаи акаҳуажәырҭа "Санраиз" аԥшәма Есма Кәыҵниаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы иазааҭгылеит апроект ралахәхара шыҟалаз, асеиԥш иҟоу аицлабрақәа лшарақәас иаадыртуа, иара убас рпроектқәа хықәкыс инарыгӡо уҳәа ртәы.