Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа… Таиф Аџьба игәаларшәаразы

Дата публикации: 09-10-2026 05:10:00

Абар иааҳадгылеит апоет Таиф Аџьба хабарда даныбжьаӡызтәи амш — жьҭаара 9. Иҵит 34 шыкәса апоет-алирик ихабар ыҟамижьҭеи. Иахьа дырҩагьых иаашьҭысхуеит иҩымҭақәа реизга, сеимдоит уаанӡа ицәырзымгац ацәаҳәақәа рыԥшааразы. Илахьынҵа цәгьахазаргьы апоет, иаҳҳәар ауеит аразҟы змаз иакәын ҳәа. Иарбан аразҟы ҳәа сызҿу? Зегь раԥхьаӡа иргыланы арҿиаратә разҟы иман, избанзар иахьа уажәраанӡагьы, аԥхьаҩ ихшыҩ азырхоуп апоет ирҿиаратә ҭынха.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20261009/ari-amshgy-tseit-ashshya-taif-aba-igalarsharazy-1066169875.html

Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа… Таиф Аџьба игәаларшәаразы

Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа… Таиф Аџьба игәаларшәаразы

Sputnik Аҧсны

Абар иааҳадгылеит апоет Таиф Аџьба хабарда даныбжьаӡызтәи амш — жьҭаара 9. Иҵит 34 шыкәса апоет-алирик ихабар ыҟамижьҭеи. Иахьа дырҩагьых иаашьҭысхуеит... 09.10.2026, Sputnik Аҧсны

2026-10-09T08:10+0300

2026-10-09T08:10+0300

2026-10-09T10:06+0300

аԥсны

аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/14/1038212992_0:0:2597:1460_1920x0_80_0_0_a2aa8084a007943cf2e81b97b954ba5b.jpg

Абар иааҳадгылеит апоет Таиф Аџьба хабарда даныбжьаӡызтәи амш — жьҭаара 9. Иҵит 34 шыкәса апоет-алирик ихабар ыҟамижьҭеи. Иахьа дырҩагьых иаашьҭысхуеит иҩымҭақәа реизга, сеимдоит уаанӡа ицәырзымгац ацәаҳәақәа рыԥшааразы. Илахьынҵа цәгьахазаргьы апоет, иаҳҳәар ауеит аразҟы змаз иакәын ҳәа. Иарбан аразҟы ҳәа сызҿу? Зегь раԥхьаӡа иргыланы арҿиаратә разҟы иман, избанзар иахьа уажәраанӡагьы, аԥхьаҩ ихшыҩ азырхоуп апоет ирҿиаратә ҭынха. Аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа иԥсра мышқәак шагыз, апоет Аџьба иирамш азы ианиҵеит абас иҟоу ахәыцрақәа исоциалтә даҟьаҿы: "Таиф Аджба — один из непревзойденных мастеров абхазского художественного слова, провозвестник и выразитель философского направления абхазской лирики второй половины XX века. Отталкиваясь от великого классического опыта, Таиф Шаадатович достиг мирового уровня и масштабов художественного перевоплощения мироощущений….". Абраҟа аҵарауаҩ иалкааны иазгәеиҭоит афилософиатә хәыцрақәа Аџьба ирҿиараҿы хадара змоу ракәны ишыҟоу. Ииашаҵәҟьаны апоет аԥсҭазаара амаӡақәеи, ауаҩы адунеи дыззықәу уҳәа, хшыҩҵарыла еинрааланы аԥхьаҩцәа ирыдигалон: Сашьҭам ҽа мазарак, Сашьҭам ҽа мазарак —Ҽнактәи аԥсҭазаара! Ҽнактәи аԥсҭазаара! Апоет ари адунеиаҿ иҟазаара шаҟа ниҵуаз ала ахә ишьомызт ҳәарада, иара дзызхәыцуаз уи мшы заҵәык ҵакы змоу, ԥсҭазаара дуӡӡак иаҩызаны ахгара акәын: Мшы заҵәык — сымшқәа Шызынтәыку ираҩсуа, Мшы заҵәык, шәышықәса Нысҵыргьы — рнаҩсан! Апоет "Сашьҭам ҽа мазарак" захьӡу ари ажәеинраалаҿы иҟаиҵоит иԥсҭазааратә кредо иахаҿроу, абас иҟоу алкаа: Мазарас иҟоу зегь Инараԥызго —Ҽнактәи аԥсҭазаара —Ԥсҭазаарак ҭызго! Таиф Аџьба асовет кониунктура змаабуаз уаҩын, убри аҟынтә иҭижьуаз ишәҟәқәа рҿы иуԥыхьашәом апартиа иазкыз арҿиамҭақәа. Аха, ус акәзаргьы, иара дсовет шәҟәыҩҩын, аус иуан асовет кьыԥхь иахаҭарнакыз агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы, редакторс дрыман уаҟа ианылоз аҩымҭақәа. Аџьба ирҿиара ҭызҵаауа аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа еснагь "дрышьҭашәарыцоит" апоет идҳәало азҵаарақәа. Ажурнал "Алашара" 2026 шықәсазтәи 3-тәи аномер аҿы аҵарауаҩ икьыԥхьуеит "Таиф Аџьба "Мап зцәикыз" иажәеинраалакәак ирызкны" захьӡу астатиа "Ҳбираҟ", "Ашықәс ҿыц", "Апионерцәа рмарш", "Сара сныҳәа", "Аибашьра афырхацәа", "Ленин имра", "Ақалақь лақәа рашәа" уҳәа дырзааҭгылоит. "Т. Аџьба асовет аамҭа аидеологиа злаҽны иҟаз, уи иазышәаҳәоз поетмызт сҳәеит , аха, иазгәаҭатәуп, дарбан шәҟәыҩҩзаалак иаамҭа дшаԥоу, дызлахәу аҳәынҭқарра, ауаажәлар иныҟәырго аидеологиа, иааӡаганы иԥхьаӡоу, ирӷьацаганы ирымоу ацәаҩа ҷыдақәа, иҭахы-иҭахым, анс акәу, арс акәу, иаргьы дышрыхәҭаку", — иҩуеит В. Кәаӷәаниа зышьҭра дхылаз ажәеинраалақәа рзы. Апоет урҭ уамак игәы рызҭамызт ҳҳәар ауеит, аха акы, ҩба ашәҟәқәа иргәылеиҵахьан. В. Кәаӷәаниа имоуп абас иҟоу агәаанагара урҭ ажәеинраалақәа ирыдҳәаланы: "Иҟалап, ҳзыхцәажәо иажәеинраалақәа аредакциа ма Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла рыдҵала иҩызар". Ус акәзаргьы, ари зыҩуа схаҭа избоит апоет инапкымҭа шхәыдам, иаҳҳәап абарҭ ирылыскаауеит 1969 ш. иҩыз ажәеинраала "Ҳбираҟ": Ахьӡ-аԥша шәымоуп, Ахацәа иҭахаз! Иаҳкуп абираҟ ҟаԥшь, Шәарҭ иаҳшәыркыз. Мариала иаҳмоуит —Мариала иаҳҭиуам! Ҳаҟанаҵ иҟоуп —Икаҳар аауам! Ҳанасыԥ кыдуп, Ҳамҩа лашоит. Ажәҩан иаҵәараҿ Ҳбираҟ ԥырԥыруеит. Аџьба ирҿиараҿы иара убас, иаабоит асовет ар ирзикыз ацәаҳәақәа "аруаа роуп аруаа, аиааирахь ҳазго…", иара убас, "ихнымҳәыз аибашьҩы" ибжьы уҳәа иахьагьы аамҭа иақәшәо аԥҵамҭақәа . "Ҳбираҟ" акәзар, зынӡа мчыла иҩу цәаҳәақәаны избом, уимоу иара аҵарауаҩ ишиҳәаз еиԥш "иахьа иҩушәа иҟоуп: ҵакылеи идеиалеи, иахылҵуа апафоси рыла зынӡа иақәшәоит ҳаамҭазтәи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра". Шәа шәакәӡамзи, иарада Ҽа ԥсҭазаарк зымбоз? Шәа шәакәӡами, ажәа наак Азаҳҳәар ҳанзырҵәоз? Ари аепиграматә ҟазшьа змоу ажәеинраала ааҳартыр, иаҳбоит уи апартиа ахьӡала "атәыла цәзырҳәуаз" ируа рзымдыруа ишынхаз шаанарԥшуа. Уи адагьы, апоет иҩит иахьа иҵабыргхаз абас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа: Еиҭахгьы шәызхьынҳало Ак гәашәҭахуеит џьара. Издыруеит —аламала, Шәҵааҟәрылаӡом шәара! Апоет Таиф Аџьба иҟазшьала ибжьы думзаргьы, шә-хьаак ирыҵаз поетын. Иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз дацәхьаҵуамызт, иара итәы иҳәон, ирҿиараҿгьы уи акыр ианыԥшуеит: Шә-хьаак сымоуп сара зны, Шә-уск сыгәҭыхоуп сзыхьӡарызеи? Хьаа сымамкәа стәаны, Ажәеинраала зласыҩрызеи? Иҟазшьала, ипоезиатә цәаҳәақәа рыртәашьалеи даԥсуахаҭан апоет, уи иаԥсуара иаԥхьа иргыланы инеигон. Абар иаҳбоит даҽа ԥшь-цәаҳәак аепиграмматә ҟазшьа змоу, хықәкыла изызку дарбамкәа: Исыздыруам уара ушыԥаз, Исыдыруам уара узхыԥаз,Сара саԥсуара сзахымԥеит, Уи сахыԥартә илаҟәымхеит. Таиф Аџьба абиԥара ҿыц дрызхәыцуан, азҵаарагьы ықәиргылон "Сыбжьы уаҳарымашь арантәи ахьҿысҭуа, Угәаҿы инаӡарымашь ашәа иузыскуа?" ҳәа. Сгәы иаангоит иааӡоит апоет ибжьы ҳәа. Абар, аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуа арҿиаҩы, аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа "Амра ссируп аҭашәамҭаз" ишьахәны аурысшәахь еиҭазгаз апоет илирикатә рҿиамҭақәа дышрызхәыцуа: "Асахьаркыратә ажәа иахьахәҭоу иҳәазар, аки-аки рҵакқәа хибатуеит, ихеибарҭәаауеит, еицхыраауеит. Абарҭқәа зегьы, гәынхәҵысҭала акәзаргьы, еилукаауеит Таиф Аџьба илирика уанамҽханаклак. Уи уагәыҵаҳәҳәаны ушьҭнахуеит, иузаанартуеит автор иҩнуҵҟатә дунеи амаӡақәа". Абар инҭыкәкәа ицеит 34 шықәса раԥхьа жьҭаара 9 1992 шықәса, шьыбжьагәазы ҳаӷацәа зыҩны идәылганы иргаз апоет ихабар ыҟамижьҭеи. Ари агәалашәаратә мшы иазку санҵамҭа хсыркәшоит хьаала иҭәу, хыхьынтә мчык инарҳәоз алахьынҵа азхәыцра иазку ацәаҳәақәа рыла: Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа, Имҳәа-мырӡакәа рацәак. Инеихызгеит саргьы "акы" ҳәа, Сыҿҳәара мыждахь шьаҿак…

https://sputnik-abkhazia.info/20240311/syup-sara-adgyl-aiasha-sarshny-taif-aba-iuaazhlarrat-lirika-iazkny-1049983478.html

https://sputnik-abkhazia.info/20251009/iyrbalaait-nas-shakhala-sa-stsaa--taif-aba-igalarsharazy-1058071339.html

https://sputnik-abkhazia.info/20231009/vladimir-zanaria-taif-aba-iuaazhlarrat-kodeks-an-1048517864.html

https://sputnik-abkhazia.info/20180311/aibashra-iahhas-aromantik-1023356895.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

2026

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

1920

1080

true

1920

1440

true

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/14/1038212992_297:0:2244:1460_1920x0_80_0_0_18ffa4a1ecbf2fc924f56760cb799979.jpg

1920

1920

true

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

Елеонора Коӷониаԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg

аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

аԥсны, аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа… Таиф Аџьба игәаларшәаразы

08:10 09.10.2026 (ирҿыцуп: 10:06 09.10.2026)

Анапаҵаҩра

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны

Елеонора Коӷониаԥҳа

Абар иааҳадгылеит апоет Таиф Аџьба хабарда даныбжьаӡызтәи амш — жьҭаара 9. Иҵит 34 шыкәса апоет-алирик ихабар ыҟамижьҭеи. Иахьа дырҩагьых иаашьҭысхуеит иҩымҭақәа реизга, сеимдоит уаанӡа ицәырзымгац ацәаҳәақәа рыԥшааразы. Илахьынҵа цәгьахазаргьы апоет, иаҳҳәар ауеит аразҟы змаз иакәын ҳәа. Иарбан аразҟы ҳәа сызҿу? Зегь раԥхьаӡа иргыланы арҿиаратә разҟы иман, избанзар иахьа уажәраанӡагьы, аԥхьаҩ ихшыҩ азырхоуп апоет ирҿиаратә ҭынха.

Аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа иԥсра мышқәак шагыз, апоет Аџьба иирамш азы ианиҵеит абас иҟоу ахәыцрақәа исоциалтә даҟьаҿы: "Таиф Аджба — один из непревзойденных мастеров абхазского художественного слова, провозвестник и выразитель философского направления абхазской лирики второй половины XX века. Отталкиваясь от великого классического опыта, Таиф Шаадатович достиг мирового уровня и масштабов художественного перевоплощения мироощущений….". Абраҟа аҵарауаҩ иалкааны иазгәеиҭоит афилософиатә хәыцрақәа Аџьба ирҿиараҿы хадара змоу ракәны ишыҟоу.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2024

11 Хәажәкыра 2024, 19:48

Ииашаҵәҟьаны апоет аԥсҭазаара амаӡақәеи, ауаҩы адунеи дыззықәу уҳәа, хшыҩҵарыла еинрааланы аԥхьаҩцәа ирыдигалон:

Сашьҭам ҽа мазарак,
Сашьҭам ҽа мазарак —
Ҽнактәи аԥсҭазаара!
Ҽнактәи аԥсҭазаара!

Апоет ари адунеиаҿ иҟазаара шаҟа ниҵуаз ала ахә ишьомызт ҳәарада, иара дзызхәыцуаз уи мшы заҵәык ҵакы змоу, ԥсҭазаара дуӡӡак иаҩызаны ахгара акәын:

Мшы заҵәык — сымшқәа
Шызынтәыку ираҩсуа,
Мшы заҵәык, шәышықәса
Нысҵыргьы — рнаҩсан!

Апоет "Сашьҭам ҽа мазарак" захьӡу ари ажәеинраалаҿы иҟаиҵоит иԥсҭазааратә кредо иахаҿроу, абас иҟоу алкаа:

Мазарас иҟоу зегь
Инараԥызго —
Ҽнактәи аԥсҭазаара —
Ԥсҭазаарак ҭызго!

Таиф Аџьба асовет кониунктура змаабуаз уаҩын, убри аҟынтә иҭижьуаз ишәҟәқәа рҿы иуԥыхьашәом апартиа иазкыз арҿиамҭақәа. Аха, ус акәзаргьы, иара дсовет шәҟәыҩҩын, аус иуан асовет кьыԥхь иахаҭарнакыз агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы, редакторс дрыман уаҟа ианылоз аҩымҭақәа. Аџьба ирҿиара ҭызҵаауа аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа еснагь "дрышьҭашәарыцоит" апоет идҳәало азҵаарақәа.

Ажурнал "Алашара" 2026 шықәсазтәи 3-тәи аномер аҿы аҵарауаҩ икьыԥхьуеит "Таиф Аџьба "Мап зцәикыз" иажәеинраалакәак ирызкны" захьӡу астатиа "Ҳбираҟ", "Ашықәс ҿыц", "Апионерцәа рмарш", "Сара сныҳәа", "Аибашьра афырхацәа", "Ленин имра", "Ақалақь лақәа рашәа" уҳәа дырзааҭгылоит.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2025

9 Жьҭаара 2025, 15:00

"Т. Аџьба асовет аамҭа аидеологиа злаҽны иҟаз, уи иазышәаҳәоз поетмызт сҳәеит , аха, иазгәаҭатәуп, дарбан шәҟәыҩҩзаалак иаамҭа дшаԥоу, дызлахәу аҳәынҭқарра, ауаажәлар иныҟәырго аидеологиа, иааӡаганы иԥхьаӡоу, ирӷьацаганы ирымоу ацәаҩа ҷыдақәа, иҭахы-иҭахым, анс акәу, арс акәу, иаргьы дышрыхәҭаку", — иҩуеит В. Кәаӷәаниа зышьҭра дхылаз ажәеинраалақәа рзы.

Апоет урҭ уамак игәы рызҭамызт ҳҳәар ауеит, аха акы, ҩба ашәҟәқәа иргәылеиҵахьан.

В. Кәаӷәаниа имоуп абас иҟоу агәаанагара урҭ ажәеинраалақәа ирыдҳәаланы: "Иҟалап, ҳзыхцәажәо иажәеинраалақәа аредакциа ма Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла рыдҵала иҩызар". Ус акәзаргьы, ари зыҩуа схаҭа избоит апоет инапкымҭа шхәыдам, иаҳҳәап абарҭ ирылыскаауеит 1969 ш. иҩыз ажәеинраала "Ҳбираҟ":

Ахьӡ-аԥша шәымоуп,
Ахацәа иҭахаз!
Иаҳкуп абираҟ ҟаԥшь,
Шәарҭ иаҳшәыркыз.

Мариала иаҳмоуит —
Мариала иаҳҭиуам!
Ҳаҟанаҵ иҟоуп —
Икаҳар аауам!

Ҳанасыԥ кыдуп,
Ҳамҩа лашоит.
Ажәҩан иаҵәараҿ
Ҳбираҟ ԥырԥыруеит.

Аџьба ирҿиараҿы иара убас, иаабоит асовет ар ирзикыз ацәаҳәақәа "аруаа роуп аруаа, аиааирахь ҳазго…", иара убас, "ихнымҳәыз аибашьҩы" ибжьы уҳәа иахьагьы аамҭа иақәшәо аԥҵамҭақәа . "Ҳбираҟ" акәзар, зынӡа мчыла иҩу цәаҳәақәаны избом, уимоу иара аҵарауаҩ ишиҳәаз еиԥш "иахьа иҩушәа иҟоуп: ҵакылеи идеиалеи, иахылҵуа апафоси рыла зынӡа иақәшәоит ҳаамҭазтәи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра".

Абри атема иацҵо иазгәасҭарц сҭахуп Таиф Аџьба апартиа дшаламыз, уи асистема уамаӡакгьы ҽыхьшьырҭас ишимамыз. Исгәалашәоит асовет система анеилаҳа зпартбилетқәа мап рцәызкыз шаақәгылаз. Таиф Аџьба уи аамҭа далагылан, иара аус ахьиуаз ахыбраҿы акәын урҭ апартбилетқәагьы ахьеиқәрыжьуаз. Апоет араҟа "зынӡа мҳәашьа змам ҳәатәқәак" цәыригоит (1990 ш):

Шәа шәакәӡамзи, иарада
Ҽа ԥсҭазаарк зымбоз?
Шәа шәакәӡами, ажәа наак
Азаҳҳәар ҳанзырҵәоз?

Ари аепиграматә ҟазшьа змоу ажәеинраала ааҳартыр, иаҳбоит уи апартиа ахьӡала "атәыла цәзырҳәуаз" ируа рзымдыруа ишынхаз шаанарԥшуа. Уи адагьы, апоет иҩит иахьа иҵабыргхаз абас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа:

Еиҭахгьы шәызхьынҳало
Ак гәашәҭахуеит џьара.
Издыруеит —аламала,
Шәҵааҟәрылаӡом шәара!

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2023

9 Жьҭаара 2023, 13:00

Апоет Таиф Аџьба иҟазшьала ибжьы думзаргьы, шә-хьаак ирыҵаз поетын. Иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз дацәхьаҵуамызт, иара итәы иҳәон, ирҿиараҿгьы уи акыр ианыԥшуеит:

Шә-хьаак сымоуп сара зны,
Шә-уск сыгәҭыхоуп сзыхьӡарызеи?
Хьаа сымамкәа стәаны,
Ажәеинраала зласыҩрызеи?

Иҟазшьала, ипоезиатә цәаҳәақәа рыртәашьалеи даԥсуахаҭан апоет, уи иаԥсуара иаԥхьа иргыланы инеигон. Абар иаҳбоит даҽа ԥшь-цәаҳәак аепиграмматә ҟазшьа змоу, хықәкыла изызку дарбамкәа:

Исыздыруам уара ушыԥаз,
Исыдыруам уара узхыԥаз,
Сара саԥсуара сзахымԥеит,
Уи сахыԥартә илаҟәымхеит.

Таиф Аџьба абиԥара ҿыц дрызхәыцуан, азҵаарагьы ықәиргылон "Сыбжьы уаҳарымашь арантәи ахьҿысҭуа, Угәаҿы инаӡарымашь ашәа иузыскуа?" ҳәа. Сгәы иаангоит иааӡоит апоет ибжьы ҳәа. Абар, аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуа арҿиаҩы, аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа "Амра ссируп аҭашәамҭаз" ишьахәны аурысшәахь еиҭазгаз апоет илирикатә рҿиамҭақәа дышрызхәыцуа: "Асахьаркыратә ажәа иахьахәҭоу иҳәазар, аки-аки рҵакқәа хибатуеит, ихеибарҭәаауеит, еицхыраауеит. Абарҭқәа зегьы, гәынхәҵысҭала акәзаргьы, еилукаауеит Таиф Аџьба илирика уанамҽханаклак. Уи уагәыҵаҳәҳәаны ушьҭнахуеит, иузаанартуеит автор иҩнуҵҟатә дунеи амаӡақәа".

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2018

11 Хәажәкыра 2018, 11:27

Абар инҭыкәкәа ицеит 34 шықәса раԥхьа жьҭаара 9 1992 шықәса, шьыбжьагәазы ҳаӷацәа зыҩны идәылганы иргаз апоет ихабар ыҟамижьҭеи. Ари агәалашәаратә мшы иазку санҵамҭа хсыркәшоит хьаала иҭәу, хыхьынтә мчык инарҳәоз алахьынҵа азхәыцра иазку ацәаҳәақәа рыла:

Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа,
Имҳәа-мырӡакәа рацәак.
Инеихызгеит саргьы "акы" ҳәа,
Сыҿҳәара мыждахь шьаҿак…

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1"Аиҩхааҟны дҭадырхеит": Гагра иалаханы иҟаз Аркади Пасаниа иҭоурых011.1901-10-2026
2"Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа013.5728-09-2026
3"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны013.2505-10-2026
4Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит абџьар ахархәара шыҟаз — иахьатәи аамҭаз ишыҟоу атәы08.0113-09-2026
5Какоба иҳәеит 33 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы Мрагыларатәи афронт аҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа08.5116-09-2026
6Ԥсыҭбара ҟамлакәа аибашьра нҵәаӡом: аибашьҩы Заур Сақаниа игәаларшәаразы02016-09-2026
7🤒 Асум небудем руками клирт держать лечить потаму что мы ...05.9414-10-2026
8🤒 (((((Только в одном симе каждому свой голос запох аромат ...05.8314-10-2026
9Леиԥҳаи Анқәаби еиҭарҳәеит аспектакль "Зеиԥшыҟам ахаҵа" аԥхьарбаразы аҽазыҟаҵарақәа шцо08.3413-10-2026
10Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурхытә ҭыԥхьыӡқәа рырхынҳәра аус ахьынӡанагоу атәы07.5309-10-2026

Классификация: . Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 12.19. Источник: sputnik-abkhazia.info.