Вход на сайт

Просмотр новости

Найдите то, что Вас интересует

"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны

Дата публикации: 05-10-2026 21:33:54

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит. Зныҭрыс зҽеидызкылаз аԥсуа ҷкәынцәа рымч азымхеит аӷацәа риааира, убри аҟнытә Гагра аанрыжьыр акәхеит. Ахырӷәӷәарҭа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Ажәыларатә план шьақәыргыланы, жьҭаара 2 рзы аԥсуа ар Гагра араион ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлеит. Убри амш аҽны дҭахоит 35 шықәса зхыҵуаз, аҩнаҭаҿы аҵеи иира иазыԥшыз Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа. Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иԥшәамыԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи аус зциуаз ажурналист Валери Орчыҟәбеи ргәалашәарақәа шьаҭас иганы.

Основное содержимое страницы с новостью.

https://sputnik-abkhazia.info/20261006/ia-dyshiz-idyraana-dakheit-alik-lia-izkny-1066167977.html

"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны

"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны

Sputnik Аҧсны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит. Зныҭрыс зҽеидызкылаз аԥсуа ҷкәынцәа рымч азымхеит... 06.10.2026, Sputnik Аҧсны

2026-10-06T00:33+0300

2026-10-06T00:33+0300

2026-10-06T00:33+0300

аԥсны

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/06/1066168209_0:284:630:638_1920x0_80_0_0_f7bb9bcee2b88fbb9205e96c701c530c.jpg

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит. Зныҭрыс зҽеидызкылаз аԥсуа ҷкәынцәа рымч азымхеит аӷацәа риааира, убри аҟнытә Гагра аанрыжьыр акәхеит. Ахырӷәӷәарҭа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Ажәыларатә план шьақәыргыланы, жьҭаара 2 рзы аԥсуа ар Гагра араион ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлеит. Убри амш аҽны дҭахоит 35 шықәса зхыҵуаз, аҩнаҭаҿы аҵеи иира иазыԥшыз Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа. Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иԥшәамыԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи аус зциуаз ажурналист Валери Орчыҟәбеи ргәалашәарақәа шьаҭас иганы.Саида Жьиԥҳа, SputnikАлик Ԥлиа Цандрыԥшь аҳаблан диит. Иара занааҭла дфилологын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Гагра араионтә газеҭ "Авангард" аурыс ҟәшаҿы корректорс аус иуан.Алик аҭаацәара далалеижьҭеи уамак ҵуамызт. Иԥшәмаԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи иареи ахәыҷы иира иазыԥшын. Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы аҭаацәа аҩны ишыҟаз ажәабжь хьанҭа раҳаит. Аха аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара изныкымкәа аидысларақәа ҟалахьан аҟнытә, уажәазгьы ҽнак-ҩымш рыла еилгоит ҳәа игәыӷуан, аибашьра хаҭа алагеит ҳәа рхахьы ирзаагомызт.Ԥсоу аҳәаа инаркны Ԥсахаранӡа аӷа иҽырӷәӷәааны дтәан. Урыстәылаҟа амҩа аркын. Алик абџьар аахәаразы, насгьы зцәазтәымкәа иҟаз иԥшәмаԥҳәыс лынхашьа аилкааразы Шәачаҟа длеит."Аԥарақәа исымаз аасымихын, сымҩашьозар автоматқәа 3-4 ааихәеит. Саргьы саалафит, ԥарада сынужьуеит ҳәа. Акы бацәымшәан, зегь бзиахоит иҳәеит ҭакс. Иахьеиԥш исгәалашәоит уи амш, цәыббра 13 акәын. Сиирамш адырҩаҽны. Убасҟан ауп иареи сареи аҵыхәтәан ҳанеибаба", — ихьанҭоу лыԥсҭазааратә хҭыс далацәажәоит Алина.Жьҭаара 2 рзы, Григори Еныкь командаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ жәылоит Гагра ахырхарҭахь. Ԥсахара ақыҭан, ақырҭуа школ азааигәара Алик Ԥлиа аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Иара дҭахеит иабхәында Дмитри Арӡынба иганаҿы.Алик ирыцҳахара ҽнак шагыз диит иԥҳа. Аӡӷаб хәыҷы илыхьӡырҵеит Зафида. Аха иара ари ажәабжь ссир илымҳа аҟынӡа имнеиӡеит…"Алик Ԥлиа еиԥш иҟаз, агәаӷь зызҭаз ахацәа ирыбзоуроуп иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара. Иареи сареи имаҷымкәа коллективк аҟны аус еицаҳуит. Зхы-зҿы еихаччоз, аҟазшьа бзиа змаз, иҟәышыз уаҩны сгәалашәараҿы даанхоит. Алик иабду Хәсин игәараҭа Оҭаҳара (Гарԥ аиланхарҭа) хьӡи-ԥшеи агмызт. Хәсин еицырдыруаз абаҩҭарҭәаҩын, абырг ажәлар рызҵаарақәа реилыргараангьы идҵаалоз рацәаҩын, хара дхәыцуан. Иара ихылҵыз зегьы аҵара дуқәа дирҵеит. Иԥҳа Ольга Ԥлиаԥҳа акыр шықәса агазеҭ аредакторс дҳаман", — еиҭеиҳәоит ажурналист Валери Орчыҟәба.Алик иашьа Сергеи иакәзаргьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.Алик Ԥлиа иԥшәмаԥҳәыс илцәыуадаҩуп иара иӡбахә аҳәара. Лара уажәшьҭа дандууп, аха лгәалашәарақәа данырзыхынҳәуа, лыбла ихгылоит лыԥҳа хәыҷы лхала лнапы дшанхалаз. Уи нахыс, Алина асаби лзы ҩ-рольк налыгӡон, анреи абреи ныҟәылгон. Зафида илызҳаит лаб афырхаҵа ихьӡ даԥсаны. Лара иахьа аҳақьым-гинекологс аус луеит Москва. Дҭаацәароуп, длымоуп аԥа.Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа данҭаха ашьҭахь ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Иахьа аибашьҩы ихьӡ ахҵоуп Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 аклассқәа руакы.

https://sputnik-abkhazia.info/20260916/sybara-amlaka-aibashra-naom-aibashy-zaur-saania-igalarsharazy-1065262611.html

https://sputnik-abkhazia.info/20261005/aakha-dadyrgeit-aibashy-ashot-atian-iourykh-1066139283.html

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

2026

Саида Жьиԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png

Саида Жьиԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png

Ажәабжьқәа

ab_AB

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

1920

1080

true

1920

1440

true

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/06/1066168209_0:225:630:697_1920x0_80_0_0_d0dfc12320959c98cac5bb22fc827b8c.jpg

1920

1920

true

Sputnik Аҧсны

media@sputniknews.com

+74956456601

MIA „Rossiya Segodnya“

252

60

Саида Жьиԥҳа

https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

аналитикеи аиҿцәажәарақәеи

"Иԥҳа дышиз идыраанӡа дҭахеит": Алик Ԥлиа изкны

Анапаҵаҩра

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны

Саида Жьиԥҳа

ажурналист

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит. Зныҭрыс зҽеидызкылаз аԥсуа ҷкәынцәа рымч азымхеит аӷацәа риааира, убри аҟнытә Гагра аанрыжьыр акәхеит. Ахырӷәӷәарҭа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Ажәыларатә план шьақәыргыланы, жьҭаара 2 рзы аԥсуа ар Гагра араион ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлеит. Убри амш аҽны дҭахоит 35 шықәса зхыҵуаз, аҩнаҭаҿы аҵеи иира иазыԥшыз Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа. Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иԥшәамыԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи аус зциуаз ажурналист Валери Орчыҟәбеи ргәалашәарақәа шьаҭас иганы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Алик Ԥлиа Цандрыԥшь аҳаблан диит. Иара занааҭла дфилологын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Гагра араионтә газеҭ "Авангард" аурыс ҟәшаҿы корректорс аус иуан.

Алик аҭаацәара далалеижьҭеи уамак ҵуамызт. Иԥшәмаԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи иареи ахәыҷы иира иазыԥшын. Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы аҭаацәа аҩны ишыҟаз ажәабжь хьанҭа раҳаит. Аха аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара изныкымкәа аидысларақәа ҟалахьан аҟнытә, уажәазгьы ҽнак-ҩымш рыла еилгоит ҳәа игәыӷуан, аибашьра хаҭа алагеит ҳәа рхахьы ирзаагомызт.

"Алики иҩызцәа гәыԥҩыки хара имгакәа еиқәҿыҭны Гагра араион ахадара ахыбраҟны еизеит. Аамҭак ашьҭахь илахь еиқәны аҩныҟа дааит, ҽеи ыҟам, еибашьрацәҟьоуп ҳәа. Иаразнакгьы ақалақь салигарц иҭаххеит, аха сара исмуӡеит, уара уда џьаргьы сцом ҳәа салагеит. Аха адырҩаҽны, Рома Бениа иҭаацәеи сареи, ибзианы иаадыруаз қырҭуа ҷкәынак ицхыраарала Шәачаҟа ҳцеит. Убра ҳаҩнан Гәырам Адиқәи иԥшәмаԥҳәыс Наала Гьерзмааԥҳаи руаҭах. Ҳара ҳадагьы ԥыҭҩык Аԥснынтәи инеиз ахҵәацәа хыҵакырҭас ироуит", — еиҭалҳәоит Алик иԥшәмаԥҳәыс Алина Арӡынԥҳа.

Ԥсоу аҳәаа инаркны Ԥсахаранӡа аӷа иҽырӷәӷәааны дтәан. Урыстәылаҟа амҩа аркын. Алик абџьар аахәаразы, насгьы зцәазтәымкәа иҟаз иԥшәмаԥҳәыс лынхашьа аилкааразы Шәачаҟа длеит.

"Аԥарақәа исымаз аасымихын, сымҩашьозар автоматқәа 3-4 ааихәеит. Саргьы саалафит, ԥарада сынужьуеит ҳәа. Акы бацәымшәан, зегь бзиахоит иҳәеит ҭакс. Иахьеиԥш исгәалашәоит уи амш, цәыббра 13 акәын. Сиирамш адырҩаҽны. Убасҟан ауп иареи сареи аҵыхәтәан ҳанеибаба", — ихьанҭоу лыԥсҭазааратә хҭыс далацәажәоит Алина.

Заур Хәыхәыт-иԥа Сақаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2026

16 Цәыббра, 08:30

Жьҭаара 2 рзы, Григори Еныкь командаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ жәылоит Гагра ахырхарҭахь. Ԥсахара ақыҭан, ақырҭуа школ азааигәара Алик Ԥлиа аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Иара дҭахеит иабхәында Дмитри Арӡынба иганаҿы.

Алик ирыцҳахара ҽнак шагыз диит иԥҳа. Аӡӷаб хәыҷы илыхьӡырҵеит Зафида. Аха иара ари ажәабжь ссир илымҳа аҟынӡа имнеиӡеит…

"Алик Ԥлиа еиԥш иҟаз, агәаӷь зызҭаз ахацәа ирыбзоуроуп иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара. Иареи сареи имаҷымкәа коллективк аҟны аус еицаҳуит. Зхы-зҿы еихаччоз, аҟазшьа бзиа змаз, иҟәышыз уаҩны сгәалашәараҿы даанхоит. Алик иабду Хәсин игәараҭа Оҭаҳара (Гарԥ аиланхарҭа) хьӡи-ԥшеи агмызт. Хәсин еицырдыруаз абаҩҭарҭәаҩын, абырг ажәлар рызҵаарақәа реилыргараангьы идҵаалоз рацәаҩын, хара дхәыцуан. Иара ихылҵыз зегьы аҵара дуқәа дирҵеит. Иԥҳа Ольга Ԥлиаԥҳа акыр шықәса агазеҭ аредакторс дҳаман", — еиҭеиҳәоит ажурналист Валери Орчыҟәба.

Алик иашьа Сергеи иакәзаргьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ашот Атиан - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2026

5 Жьҭаара, 01:29

Алик Ԥлиа иԥшәмаԥҳәыс илцәыуадаҩуп иара иӡбахә аҳәара. Лара уажәшьҭа дандууп, аха лгәалашәарақәа данырзыхынҳәуа, лыбла ихгылоит лыԥҳа хәыҷы лхала лнапы дшанхалаз. Уи нахыс, Алина асаби лзы ҩ-рольк налыгӡон, анреи абреи ныҟәылгон. Зафида илызҳаит лаб афырхаҵа ихьӡ даԥсаны. Лара иахьа аҳақьым-гинекологс аус луеит Москва. Дҭаацәароуп, длымоуп аԥа.

Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа данҭаха ашьҭахь ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал. Иахьа аибашьҩы ихьӡ ахҵоуп Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 аклассқәа руакы.

Схожие новости

#Наименование новостиТональностьИнформативностьДата публикации
1Саманба еиҭеиҳәеит сентиабртәи ажәылара иацыз ауадаҩрақәа ртәы011.5623-09-2026
2"Ашәарыцага шәақьла Гагра ҭаирцәуан": аибашьҩы Адамыр Хагәышь иҭоурых013.8702-10-2026
3"Аиҩхааҟны дҭадырхеит": Гагра иалаханы иҟаз Аркади Пасаниа иҭоурых011.1901-10-2026
4"Абылтәы иқәҭәаны дырблит": аибашьҩы Витали Ақырҭаа изкны010.5803-10-2026
5"Дышҭахоз ицәа иалашәеит": Анатоли Коркьиа игәалашәара иазкны012.6427-09-2026
6"Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа013.5728-09-2026
7"Ааха дадыргеит": аибашьҩы Ашот Атиан иҭоурых011.3704-10-2026
8"Бабаду ишьҭаҵа улабашьа": аибашьҩы Алхас Гындиа иҭоурых015.8929-09-2026
9Апансионат "Ауадҳара" сынтәа иаднакылеит 2200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра08.6607-10-2026
10Ари амшгьы цеит ашьшьыҳәа… Таиф Аџьба игәаларшәаразы012.1909-10-2026

Классификация: . Схожих патентов: 0. Схожих новостей: 10. Тональность: 0. Информативность: 13.25. Источник: sputnik-abkhazia.info.